Ампыҵахаларатә мчқәа изакәанымкәа иааныкрылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ иаҳәшьа Ирма Чхикваӡе лашьа иӡбахә лыздырӡом
Ампыҵахаларатә мчқәа изакәанымкәа иааныкрылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ иаҳәшьа Ирма Чхикваӡе лашьа иӡбахә лыздырӡом

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа изакәанымкәа иааныкрылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Мамука Чхикваӡе иаҳәшьа Ирма Чхикваӡе лашьа иаӡбахә лыздырӡом.

“Сашьа иӡбахә сыздырӡом. Доурыжьҭыр, аҩныҟа дхынҳәыр сҭахуп. Сареи суацәеи акциақәа мҩаԥаагом, акызаҵәык иаҳҭахуп иԥсы ҭаны аҩныҟа дхынҳәыр. Дышԥаҟоу дахьыҟоу сыздырӡом,” – илҳәеит Ирма Чхикваӡе.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи иҟалаз афакт иазкны адырра роухьеит, ацәаҳәа ҷыда аус адыруит.

Қырҭтәыла ацентртә напхгара, рнапааҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәоит закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәразы.