"Амнесҭи инҭернешнл" Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирызку аҳасабырба аланарҵәеит

“Амнесҭи инҭернешнл” Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирызку аҳасабырба аланарҵәеит. Аиҿкаара аҳасабырбаҿ ишану ала, аҭыԥ аман адемонстрантцәеи ажурналистцәеи игәымбылџьбароу реимырпра.

“2024 шықәса абҵара 28 рзы, алхрақәа аҿы аиааира ҳгеит ҳәа рылазҳәаз анапхгаратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы”, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара 2028 шықәсанӡа ахыԥара иазкны аҳәамҭа ҟанаҵеит. Ари аӡбамҭа амассатә протестқәа ахылҵит. Қарҭи атәыла егьырҭ ақалақьқәеи рҿы зықьҩыла ауаа дәылҵын, апротест аадырԥшит. 2023 шықәсазы Ареспубликатә институт имҩаԥнагаз аҭҵаара инақәыршәаны, 85% ақырҭуаа Евроеидгыла алалара иадгылон.

Абҵара 29 инаркны аҳҭнықалақь аҿы амассатә аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеит. Ауаа апарламент аԥхьа, иара убас агәҭанытә амҩақәа рҿы еизаны, акциақәа мҩаԥыргоит. Акциақәа мҩапысуеит атәыла егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы. Аполициа хаҭарнкацәа акциа алахәылацәа реимырпразы рхы иадырхәит аӡыршәгақәеи алаӷырӡаагага агази, арезинатә ахқәеи, ари  аескалациа ахылҵит. Авидеонҵамҭақәа рҿы адемонстрантцәа рыԥҟара, рыргәаҟра аарԥшуп…

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, иаанкылоу ахаҿқәа реиҳараҩык аполициа аусуҩцәа урҭ шырыԥҟаз шьақәдырӷәӷәоит. Аҭыԥ аман ауаҩытәыҩа иҟазшьа иацәтәым ахымҩаԥгашьа…

Азинхьчаҩцәа ргәыԥқәа зыхцәажәоз “аполициатә террор” арҭ амшқәа рзы иаҳа ицәгьахеит асабрадақәа зҿаз идырым ахаҿқәа ртеррор ала, урҭ амитинг алахәылацәеи аихқәа рхаҭарнакцәеи ирықәлон,  арҭ афактқәа збоз аполициа хаҭарнакцәа акгьы ҟарҵомызт, ус игыланы ауаа рыргәаҟра иахәаԥҽуан”, – “Амнесҭи инҭернешнл” аҳасабырба аҿы.