"Амилаҭтә ҵысра" хаҭарнакцәа "Ақырҭуа гәахәтәы" аофис аԥҳьа акциа мҩаԥыргоит
"Амилаҭтә ҵысра" хаҭарнакцәа "Ақырҭуа гәахәтәы" аофис аԥҳьа акциа мҩаԥыргоит

“Амилаҭтә ҵысра” хаҭарнакцәа “Ақырҭуа гәахәтәы” аофис аԥҳьа акциа мҩаԥыргоит. Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, урҭ “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Украина ицо аибашьра иазкны иҟаиҵаз аҳәамҭақәа апротемт рзыруоит.

Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, Иракли Кобахиӡе иҳәамҭақәа урыстәылатәи аинтересқәа ирнаалоит.

“Ашьҭымҭа хадас иҳамоу абри ауп – “Ақырҭуа гәахәтәы” иахьыҟало рынхарҭа ҩнума, русура ҭыԥума, Мдинараӡе ҳшиҭааз еиԥш, иахьыҟало уахь ҳнеины, иҟарҵо аурыс ҳәамҭақәа рзы аҭак раҳҭоит. Ачарҳәаратә напхгара ихыркәшатәуп. Апроцесс зымҽхак ҭбаау, еиҿкаау акциахь иасуеит. Уи атәыла аиааира азаанагоит. Ари аиааира Миаш ихақәиҭтәреи урыстәылатәи арежим аҵархареи ауп”, – иҳәеит Гиорги Мумлаӡе.