«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили  4 аҳәарак иқәиргылеит  
«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили  4 аҳәарак иқәиргылеит  

Иахьа Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуаз амитинг аан «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили  4 аҳәарак иқәиргылеит – Лазареи Григориадис ихақәиҭтәреи, асанкциақәа ззышьақәыргылоу аӡбаҩцәа аусура рамхреи, Саакашвилии Гварамиеи рхақәиҭтәреи, Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡареи.  Иара иажәақәа рыла, абарҭ аҳәарақәа рынагӡаразы ақәҧара нагӡатәуп.

«Абарҭ аҳәарақәа рынагӡара амзызла, аганқәа зегьы адискуссиеи аидгылареи  рыдаагалоит.  Аполитикатә партиақәа зегьы ирыдазгалоит апартиатә интересқәа аҧыжәара рымҭакәа, азеиҧш идеиа анагӡаразы еидгыларц. Урыстәылатәи аолигарц ишәзиҳәо  шәазымхәыцын. Ақырҭуа жәлар ргәаанагароуп ихадоу», — иҳәеит  Леван Хабеишвили.