"Амилаҭтә ҵысра" апарламенттә боикот аҟәыҵуеит
"Амилаҭтә ҵысра" апарламенттә боикот аҟәыҵуеит

“Амилаҭтә ҵысра” апарламенттә боикот аҟәыҵуеит.

Ари атәы иахьатәи абрифинг аҿы аалыцҳаит Хатиа Деканоиӡе.

“Афракциаҿ мацара акәымкәа, апартиаҿ ари азҵаара ҳахәаԥшит. Иахьа ицәырааганы ҳаҟаз астратегиа иадҳәаланы агәаанагарақәа еиԥшымызт, аха асабшаҽны имҩаԥгаз аиԥылараҿ иҳадаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, афракциа “Амилаҭтә ҵысра” абоикот аҟәыҵны, апарламенттә усзура нанагӡоит,” – илҳәеит Деканоиӡе.

Хатиа Деканоиӡе ишаалыцҳаз, аусԥшааратә комиссиа ада, афракциа “Амилаҭтә ҵысра” апарламент ахь ихынҳәуеит ах-атә амш аусхәаԥштә аманы.