Амилаҭтә банк – Қырҭтәыла атәым туристцәа рхыҧхьаӡара, ҵыҧх аасҭа  226,4 наӡынала иазҳаит
Амилаҭтә банк – Қырҭтәыла атәым туристцәа рхыҧхьаӡара, ҵыҧх аасҭа  226,4 наӡынала иазҳаит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, 2021 шықәса ҧхынҷкәын азы Қырҭтәыла атәым аҭааҩцәа  рхыҧхьаӡара, ҵыҧх аасҭа  226,4 наӡынала иазҳаит. Аҭааҩцәа рҟынтәи 89,9 наӡына атуристцәа ракәын, урҭ рхыҧхьаӡарагьы 239,1 наӡынала иазҳаит.

«Зегьы раасҭа аҭааҩцәа рацәан Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи, Шәамахьтәылеи рҟынтәи. Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә атуристцәа рхыҧхьаӡара азҳаит  6,6 наӡынала. Зегьы раасҭа атуристцәа рацәан  Германәтылеи, Польшеи, Литвеи рҟынтә.   Егьырҭ атәылақәа рҟынтә иалкаатәуп Израиль аҟынтә аҭааҩцәа», — иануп аҳасабырбаҿы.