Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аофис хадаҿы Амилаҭтә банк ахада Коба Гвенетаӡеи Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани реиҧылара мҩаҧган.
Амилаҭтә банк адыррала, аиҧылара алахәылацәа Украина имҩаҧысуа аибашьра адунеитә афинанстә системеи арегион аҿы иҟоу апроблемақәеи рзы иамоу анырра иалацәажәеит. Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Америка урыстәылатәи афинанстә сектор иазышьақәнаргылаз асанкциақәа рықәныҟәаразы Амилаҭтә банк имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа.
«Қырҭтәыла Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи арезолиуциақәа рыла иҳәаақәҵоу астандартқәа еснагь ирықәныҟәоит. Аибашьра ианалага адырҩаҽны, Амилаҭтә банк Қырҭтәыла афинанстә сектор ахаҭарнакцәа ирыднаҵеит асанциақәа рыла иазҧхьагәаҭоу аҳәарақәа зегьы рынагӡара. Иара убас, афинанстә сектор арегулиатор ҳасабала, Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи астандартқәеи арезолиуциақәеи ирықәныҟәоит», — иҳәеит Коба Гвенетаӡе.
Келли Дегнан ишылҳәаз ала, Америка Амилаҭтә банк аус ацура иазҿлымҳауп.
«Америка Амилаҭтә банк аус ацура иазҿлымҳауп, ари аусеицура ахә ҳшьоит. Қырҭтәыла аекономикатә азҳареи, аҭышәынтәалареи, ашәҭыкакаҷреи азы аусура анагӡара ҳазыхиоуп. Аекономика аиҭашьақәыргылара иаҿуп, уи даараӡа сеигәырҕьоит. Ари аҭышәынтәалара Амилаҭтә банки Америкеи русеицура иабзоуроуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Келли Дегнан.