Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҳәамҭа аланарҵәеит.
«Амилаҭтә банк иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхәҭак иаладырҵәаз ахарадҵара ақәҿнаҭуеит, зыӡбахәы ҳәоу ахарадҵара инақәыршәаны, Қырҭтәыла анапхгара инрываргыланы, Амилаҭтә банкгьы Америка асанкциақәа ззышьақәнаргылаз ахаҿқәа аҽыҵәахраҿы ирыцхраауеит.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк, аҭакҧхықәра наӡа ахы иадҵаны, аанацҳауеит ари ахарадҵара изакәызаалак шьаҭак шаҵам, уи атәыла абанк хада мацара акәымкәа, абанктә система зегьы аҳаҭыр аларҟәреи ауааҧсыра ржьареи иазкуп.
Иҳәынҭқарратәым асектор абри аҩыза аҳәамҭа аҟаҵаразы шьаҭас ирымаз еилкаам, избанзар, Қырҭтәыла афинанстә системаҿы иахьа уажәраанӡагьы асанкциақәа рхархәара апроцесс аилагара факткгьы аарҧшымызт.
Убри аҟынтә, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк асанкциақәа реилагара ацхраара ахарадҵара ҟалом. Қырҭтәыла афинанстә система жәларбжьаратәи апартниорцәа ишьақәдыргылаз аҳәарақәа ирышьашәалоуп. Апҟарақәа ирылагалоу аҧсахрақәа зегьы аконкреттә хаҿқәа ринтересқәа рыхьчара акәӡам изызку, арҭ аҧсахрақәа асанкциақәа рынагӡара апроцесси аҭыҧантәи азакәанҧҵареи реишьашәалазаареи жәларбжьаратәи аҳәарақәа рықәныҟәареи иазкуп.
Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара амоуп. Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа агәра ганы иҟоуп Қырҭтәыла афинанстә система асанкциақәа рывсра ахьыҟало ҭыҧны ишыҟамло.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банки афинанстә системеи атәыла афинанстә ҭышәынтәалара арҕәҕәаразы иаҭаху ашьаҿақәа зегьы рыҟаҵара нарыгӡоит“, – иануп Амилаҭтә банк аҳәамҭаҿы.