Америкеи Британиа Дуи асанкциақәа рзы акоординаторцәа „Садахло“ агәаҭара-аужьҭратә пунктаҿ иҟан
Афинансқәа рминистрра Ахашәала амаҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Владимир Хундаӡеи Ахазалхратә департамент анапхгаҩы Зураб Сиҷинавеи Америка Аҳәынҭқарратә департамент асанкциақәа рзы акоординациа аофис анапхгаҩы, ацҳаражәҳәаҩ Џьеимс О’Браиени, асанкциақәа ркоординатор ицхырааҩ ҷыда, Иеиду аҳра асанкциақәа рдиректор, Кумар Аиери, Америкеи Евроеидгылеи рхаҭарнакцәеи агәаҭара-аужьҭратә пункт „Садахло“ аҿы ирҧылеит.
Ахашәала амаҵзура адыррала, аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа рхаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи асанкциақәа рықәныҟәара адгылара амзызла Қырҭтәылеи, Америкеи, Евроеидгылеи рпартниортә еизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара аҵаки иалацәажәеит.
„Америкеи Евроеидгылеи рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Афнансқәа рминистрра Ахашәала амаҵзура ахазалтә департамент асанкциақәа рывсра аганахьала имҩаҧнаго ахазалтә гәаҭаратә уснагӡатәқәа ргәаҧхеит“, – иануп Ахашәала амаҵзура аинформациаҿы.
Иара убас, амаҵзура адырраҿ ишазгәаҭоу ала, аделегациа алахәылацәа ахазалхра-аҳәаатә инфраструктуреи аидарақәа ргәаҭара иазку арентген-инспекциатә системақәеи рбеит.