Америка ацҳаражәҳәара – Анеҩстәи амзазы Қырҭтәыла акриминалтә полициа асексуалтә мчылара афактқәа ирыдҳәалоу  аусеилыргаразы атренингқәа рзымҩаҧгара иалагоит
Америка ацҳаражәҳәара – Анеҩстәи амзазы Қырҭтәыла акриминалтә полициа асексуалтә мчылара афактқәа ирыдҳәалоу  аусеилыргаразы атренингқәа рзымҩаҧгара иалагоит

Анеҩстәи амзазы Қырҭтәыла акриминалтә полициа асексуалтә мчылара афактқәа ирыдҳәалоу  аусеилыргаразы атренингқәа рзымҩаҧгара иалагоит, — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу  Америка ацҳаражәҳәараҿы.

Аҳәамҭа ишану ала,  2014 шықәса инаркны Америка ацҳаражәҳәара иаҵанакәа Анаркотикқәа ирҿагылоу ақәҧареи азинхьчаратә органқәа русеицуреи  азы жәларбжьаратәи абиуро ҷыдала иазҿлымҳауп аҭаацәараҿы амчылареи асексуалтә мчылареи афактқәа  реилыргареи рпревенциеи.

» INL  амчылара зхызгаз ауаа рзы ахыҵакырҭақәа рырҿиара иацхрааит, Кахеҭи хыҵакырҭак дыргылеит, иара убас, Қарҭи Гории иҟаз ахыҵакырҭақәа рырҽеиреи реибыҭареи иацхрааит.  Зыӡбахәы ҳәоу атренинг шықәсык инагӡахоит, уи INL  азы аҵакы ҷыда амоуп, избанзар аусеилыргаҩцәеи,  аӡбара-медицинатә експертцәеи, аусеилыргаратә персонали разыҟаҵара иазкуп», — иануп аҳәамҭаҿы.