Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь аӡбаҩцәа ралхра апроцесс иадҳәаланы
Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь аӡбаҩцәа ралхра апроцесс иадҳәаланы

Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь аӡбаҩцәа ралхра апроцесс иадҳәаланы.

Аҳәамҭа ишану ала, ацҳаражәҳәара агәынамӡара аанарҧшуеит апарламент, аӡбаратә системаҿы уаанӡа имҩаҧгаз ареформақәа ихьыҧшым ахәшьара рыҭара  иазымҧшкәа, Иреҳаӡоу аҭбарҭа аӡбаҩцәа рықәыргылара  апроцесс ахьынанагӡо азы.

«Иара убас,   Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа ари апроцесс иалахәым,  уигьы агәынамӡара ҳазцәырнагоит.  Ҳара апарламент ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа иқәдыргылаанӡа,  2022 шықәса ааҧынранӡа Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак иӡбаҩцәам алахәылацәа алырхырц,  насгьы уаанӡа аӡбаратә системаҿы имҩаҧгаз ареформақәа ихьыҧшым ахәшьара рыҭара апроцесс хдыркәшарц .

Ахьыҧшымра аиура инаркны, Америкеи егьырҭ атәылақәеи рыцхыраарала, Қырҭтәыла аиашаӡбара асистема арҕәҕәаразы аусура ду мҩаҧган. Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәа зегьы аӡбаратә система ареформа нагӡатәуп ҳәа ргәы иаанагоит. Уажәазы,  ақырҭуа жәлар зыгәра ргаша, азакәан аиҳаӡара ашьақәыргылара  иацхрааша,  иаарту,  ииашоу аӡбаратә система иҧҵатәуп», — иануп Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿы.