Америка ацҳаражәҳәара  - Америкатә аруаа ҳаҭырс ирыман ақырҭуа ацеибашьцәа рывара арратә маҵура анагӡара
Америка ацҳаражәҳәара  - Америкатә аруаа ҳаҭырс ирыман ақырҭуа ацеибашьцәа рывара арратә маҵура анагӡара

Америка ацҳаражәҳәара ақырҭуа аруаа Афганистанынтә  еибгала аҩныҟа ахынҳәра рыднаҳәалоит.

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аинформациа ишану ала,  уи НАТО анапхгарала имҩаҧысуаз Адгылара ҕәҕәа амиссиа ахыркәшара иадҳәалоу аҭоурыхтә хҭысуп.

«Қырҭтәыла 32-тәи абаталион  еибгала аҧсадгьылахь ахынҳәра рыдаҳныҳәалоит.  Уи НАТО анапхгарала имҩаҧысуаз Адгылара ҕәҕәа амиссиа ахыркәшара иадҳәалоу аҭоурыхтә хҭысуп.  Аҵыхәтәантәи бжьышықәса рыла  7 078ҩык ақырҭуа аруаа, азыҟаҵара ҷыда иахысны, Америка амшынтә ашьаҟауаа ирывагыланы, арратә маҵзура нарыгӡон.   Америкатә аруаа ҳаҭырс ирыман  зхы иамеигӡакәа аҭынчрачаҧаратә операциақәа ирылахәыз, ақырҭуа жәлар евроатлантикатәи интеграциа ишазгәыку шьақәзырҕәҕәоз ақырҭуа ацеибашьцәа рывара арратә маҵура анагӡара», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аинформациаҿы.

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рыруаа Афганистан қәҿиарала имҩаҧыргоз   17 шықәсатәи амаҵзура хдыркәшеит.   Абри ахҭыс инамаданы,  Сенаки иҟоу  2-тәи ашьаҟатә бригада абазаҿы  иахьа ацеремониа мҩаҧган.