Амедиа аинформациа инақәыршәаны, Сеул Ҳелоуин аныҳәа азгәаҭараан аиварҟҟраан  120ҩык ҭахеит
Амедиа аинформациа инақәыршәаны, Сеул Ҳелоуин аныҳәа азгәаҭараан аиварҟҟраан  120ҩык ҭахеит

Амедиа аинформациа инақәыршәаны, Сеул Ҳелоуин аныҳәа азгәаҭараан аиварҟҟраан  120ҩык ҭахеит, даҽа 100ҩык аахақәа роуит.

Аладатәи Кореиа аҳҭнықалақьаҿ ари арыцҳара ҟалеит аресторанқәеи, ҵхыбжьонтәи аклубқәеи, акаҳуажәырҭақәеи ахьырацәоу араионаҿ, ковидпандемиа иадҳәланы ишьақәыргылаз аҧкрақәа раҧыхра ашьҭахь, ари араионаҿ раҧхьатәи ауснагӡатә мҩаҧган.

Аофициалтә хаҿқәа ари арыцҳара зыхҟьаз амзызқәа макьана ирылацәажәом.

Аҭыҧантәи ажурналистцәа ишырыҩуа ала, аиварҟҟраан ари аҭыҧаҿ иҟан  100 000ҩык раҟара.

Ари афакт иадҳәаланы, Аладатәи Кореиа ахада аиҳабыра реилатәара ҷыда мҩаҧигеит.