Амҵәышәмпыл | Қырҭтәылеи Даниеи реизгақәа рматч - ишиашо ицо атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ
Қырҭтәыла аизга Адунеи ачемпионат актәи аквалификациатә етап аҧшьбатәи аматч мҩаҧнагоит. Иахьа Қарҭ Қырҭтәылеи Даниеи реизгақәа еиҧылоит. Аматч иалагоит асааҭ 20:50 рзы. Ишиашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.
Иахьа ақырҭуаа аиааира ргар, анеҩстәи араундахь ииасуеит.
Ахыркәшаратә 2 турк мҩаҧысуеит рашәара алагамҭаз. Ақырҭуа аизга, Қарҭ, Испаниа иацлабуеит, Қырҭтәылеи Украинеи реизгақәа рматч аҳәаанырцә имҩаҧгахоит. Арҭ аматчқәа рхы рыладырхәоит НБА ахәмарҩцәа Сандро Мамукелашвилии Гога Битаӡеи.