Амҵәышәмпыл | Қырҭтәыла аизга Адунеи ачемпионат алхратә етап алагамҭаз  Украина аизга иацлабуеит   — ишиашо ицо атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ
Амҵәышәмпыл | Қырҭтәыла аизга Адунеи ачемпионат алхратә етап алагамҭаз  Украина аизга иацлабуеит   — ишиашо ицо атранслиациа Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ

Иахьа, асааҭ  20:50 рзы, Қырҭтәыла аизга Адунеи ачемпионат аквалификациатә етап иалагоит. Раҧхьатәи аматч мҩаҧысуеит Қарҭ, ақырҭуаа украинаа ирацлабуеит. Ишиашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Иахьа Гьаргь Шермадини амилаҭтә аизга алахәыла иаҳасабала, ақырҭуа азгәыбылҩцәа рҿаҧхьа аҵыхәтәантәи иматч мҩаҧигоит,  иара Қырҭтәыла аизгаҿы   20 шықәсатәи икариера хиркәшоит.  Гьаргь Шермадини икариераҿ аҵыхәтәантәи аматч мҩаҧигоит Испаниа, абҵара  30 рзы.

Қырҭтәыла аизга азыҟаҵаҩ хада Алеқсандр Џьикич ақырҭуа аизга аҵыхәтәантәи аилазаара  иҳәеит.  Аизга далоуп иаха Евролигаҿ ихәмаруаз Ҭорнике Шенгелиагьы, иара Барселонантә  Қарҭҟа даауеит иахьа асааҭ  16:00 рзы.

Қырҭтәыла аизга иалоуп:

Рати Андроникашвили, Каха Џьинҷарадзе, Беқа Бурџьанаӡе, Гьаргь  Шермадини, Дуда Санаӡе, Гьаргь  Турӡилаӡе, Гьаргь Корсантиа, Алеқсандр Певаӡе, Ҭорнике Шенгелиа, Тед Макфадден, Лука Мазиашвили,   Маҭе Хатиашвили.