Алхратә процессаҿ аконкуренциа еиқәыршәан, административтә ресурсқәа рхархәареи, иара убас, ақәмақарреи, ақәыҕәҕәареи, амчылареи афактқәа иҟамызт
Алхратә процессаҿ аконкуренциа еиқәыршәан, административтә ресурсқәа рхархәареи, иара убас, ақәмақарреи, ақәыҕәҕәареи, амчылареи афактқәа иҟамызт

Иахьа алхратә кампаниа хыркәшоуп, алхраҧхьатәи апроцессқәа реихшьаала ҟаҳҵар ҳҭахуп. Ишыжәдыруа еиҧш, алхрақәа ирылахәхоит 12 аполитикатә аидҵарақәа, дара рхы иақәиҭны, еиҟароу аҭагылазаашьақәа рҿы алхратә кампаниа амҩаҧгара алшара рыман. Алхратә процессаҿ аконкуренциа еиқәыршәан, административтә ресурсқәа рхархәареи, иара убас, ақәмақарреи, ақәыҕәҕәареи, амчылареи афактқәа иҟамызт, – иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьа аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Аҧыза-министр алхратә комиссиа хада алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа раиҳәеит алхраҧхьатәи процессқәа ибзианы реиҿкааразы.

Алхратә комиссиа хада алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп алхраҧхьатәи процессқәа ибзианы реиҿкааразы, иара убас, азинхьчаратә органқәа ҳраҭабууп алхратә кампаниаан ҳтәылауаа ршәарҭадара ахьчаразы”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.