Алхратә комиссиа хадаҿы  USAID амиссиа адиректори Америка ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩи рҟны аиҧылара мҩаҧган
Алхратә комиссиа хадаҿы  USAID амиссиа адиректори Америка ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩи рҟны аиҧылара мҩаҧган

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвилии ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Шарабиӡеи  USAID амиссиа адиректор Џьон Пеннелли Америка ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Марк Нордберги ирҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа  2023 шықәсазы акомиссиа аусушьеи ҳаҧхьаҟа аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман  2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рзы аҽазыҟаҵареи алхрақәа раан аелектронтә технологиақәа рхархәареи азҵаарақәа.

Гьаргь  Каландаришвили алхрақәа рмодернизациазы  2023 шықәсазы имҩаҧгаз аусуреи  ҳаҧхьаҟа  USAID аҟны  аусеицурала инарыгӡо апроектқәеи дрылацәажәеит.