Жьҭаара 1 азы Қырҭтәыла имҩаҧысуеит апарламентахь абжьаратә алхрақәеи Гурџьаани ахада иалхрақәеи
Жьҭаара 1 азы Қырҭтәыла имҩаҧысуеит апарламентахь абжьаратә алхрақәеи Гурџьаани ахада иалхрақәеи

Уаҵәы,  Жьҭаара 1 азы Қырҭтәыла имҩаҧысуеит Гори – Каспи амажоритартә округ аҟынтә  апарламентахь абжьаратә алхрақәеи Гурџьаани ахада иалхреи. Уи инамаданы, иахьа Алхратә комиссиа хадаҿы абрифинг мҩаҧган.

Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ  Наҭиа  Иоселиани абрифинг аҿы ишылҳәаз ала, алхратә комиссиа  иҳаракӡоу апрофессоналтә аҩаӡараҟны алхрақәа рымҩаҧгара  иазыхиоуп.  Лара лажәақәа рыла, уаҵәтәи алхрақәа аҵакы ду рымоуп ари апроцесс амодернизациа аганахьала, ҷыдала, аелектронтә технологиақәа раларҵәара аганахьала.

«Зынӡа  133 алхырҭақәа ааҳартуеит. Илхырҭақәа аусура иалагоит асааҭ  06:45 инаркны. Абжьыҭира апроцесс иалагоит асааҭ  08:00 рзы. Алхыҩ имазароуп Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага», — илҳәеит  Иоселиани.