Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿцы Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иҟны аиҧылара мҩаҧган

15:41, 14.06.2024

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы  Гьаргь Каландаришвили  иҟны аиҧылара мҩаҧган, аиҧылараҿ иҟан Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа.

Аиҧылара ашьҭахь Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала,  жьҭааразы имҩаҧысуа алхрақәа ирызкыз аиҧылара аинтерес ду аҵан.

«Ҳара Алхратә комиссиа хадеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ҳаҧхьаҟа аус шеицыруа азы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Аҳәаанырцә иҟоу ҳтәылауаа, уадаҩрак рымамкәа, алхрақәа раан ргәазыҳәара аарҧшра рылшароуп, егьи аганахьала, ҳара иаҭаху зегьы зегьы ҟаҳҵоит алхрақәа шәарҭада рымҩаҧгареи атехнологиатә ганахьала реиқәыршәареи азыҳәан», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы ацҳаражәҳәаҩцәа,  аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа аинформациа рыҭара рылшарц азыҳәан, иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирызкны ирацәажәеит.

 

 

Еиԥшу