Алхратә комиссиа хада апарламенттә алхрақәа иалахәхәо апартиақәа ррегистрациатә процедурақәа ирызкны аинформациа аланарҵәеит
Алхратә комиссиа хада апарламенттә алхрақәа иалахәхәо апартиақәа ррегистрациатә процедурақәа ирызкны аинформациа аланарҵәеит

Алхратә комиссиа хада апарламенттә алхрақәа иалахәхәо апартиақәа ррегистрациатә процедурақәа ирызкны аинформациа аланарҵәеит.

„Қырҭтәыла апарламенттә алхарақәа мҩаҧгахоит  2024 шықәса жьҭаара  26 рзы. Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рылахәызаара азин аиуразы, апартиақәа арегистрациа иахысроуп Қырҭтәыла аоргантә закәан  „Қырҭтәыла алхратә закәанеидкыла“ 113-тәи ахәҭаҷла ишьақәыргылоу аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны.

2020 шықәсазы Қырҭтәыла апарламенттә алхарақәа рылахәызааразы арегистрациа иахысыз апартиақәа: 1. „Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла“; 2. „Лело Қырҭтәылазы“; 3. „Аполитикатә центр ҿыц“ – “Гирчи“; 4. „Алеко Елисашвили  – атәылауаа“; 5. „Европатәи Қырҭтәыла – ахақәиҭразы аҵысра“; 6. „Қырҭтәыла апартиақәа ралианс“; 7. „Гьаргь Вашаӡе  – Аҕмашенебели истратегиа“; 8. „Азакәани азини“; 9. „Иаку амилаҭтә ҵысра“; 10. „Қырҭтәыла европатәи адемократцәа“; 11. „Қырҭтәыла ареспубликатә партиа“; 12. „Аҵысра аҳәынҭқарра ауааҧсыра рзы“; 13. „Апрогресси азини“ алхратә азакәанеидкыла ала ишьақәыргылоу аҭагылазаашьақәа ирышьашәалоуп“, – иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.

Аинформациа ишану ала, еиқәыҧхьаӡоу апартиақәа,  апарламенттә алхрақәа рылахәызааразы азин аиура амзызла,   алхрақәа рҟнынӡа  57 мшы еиҵамкәа ишагу,  апартиа анапхгаратә хаҿқәа,  Алхратә комиссиа хада  ахантәаҩы ихьӡала арзаҳал аларҵароуп.

„Алхратә закәанеидкыла 113-тәи ахәҭач аҭагылазаашьақәа ирышьашәалам апартиақәа, Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рылахәызаара азин аиура амзызла, апартиа анапхгаҩы инапы зҵаиҩыз арзаҳал ала Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы идҵаалароуп, арзаҳал аналарҵалак, дара ироуеит рыдгылаҩцәа рсиа аҿырҧшы. Анеҩс,  60 мшы рыҩныҵҟала, аха нанҳәа 1 иахымгакәа, апарламенттә алхрақәа рҿы апартиа алахәызаара иадгыло  25 000ҩык иреиҵамкәа алхыҩцәа рсиа еиқәдыршәароуп.  Адгылаҩцәа рсиа гәарҭоит  Алхратә комиссиа хада иашьашәалоу амаҵзураҿы.

Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада аполитикатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рылахәызаара азин аиуразы иаҭаху апроцедурақәа зегьы иаамҭаны ирхысырц. Иацҵаны аинформациа аиуразы шәаҳзас аҭелла: 2 51 00 51“, – иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.