Аелектронтә технологиақәа раларҵәара ахырхарҭала жәларбжьаратәи аҧышәа аҭҵаара амзызла, Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи ахаҭарнакцәеи Страсбург иҟан

19:24, 07.06.2024

Аелектронтә технологиақәа раларҵәара ахырхарҭала жәларбжьаратәи аҧышәа аҭҵаара амзызла,   Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи ахаҭарнакцәеи Страсбург иҟан.

Алхратә комиссиа хада апресс-маҵзура адыррала, аусмаҧгатә еиҿкаан  Европа Ахеилак Қырҭтәылатәи аофис ала.

«Ҩымш рыла еиуеиҧшым европатәи аинститутқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла  Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәа рҧышәа рыдаргалон зҵакы дуу абарҭ азҵаарақәа рзы:  Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алхрақәа рыцклаҧшреи амониторинг апроцедурақәеи, аинформациатә шәарҭадареи алхрақәа раан иҧсабаратәым аинтеллект ахархәареи,  ацәымҕратә бызшәа алхрақәа рзы иамоу анырреи, егьырҭ зҵакы дуу азҵаарақәеи», — иануп аусбарҭа аинформациаҿы.

Иара убас, Алхратә комиссиа хада апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ақырҭуа делегациа алахәылацәа   Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алхрақәа рыцклаҧшратә миссиеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбарҭеи рхаҭарнакцәа ирҧылеит.

 

Еиԥшу