Алхратә администрациа  ажәлар алхратә технологиақәа рырбара иалагоит
Алхратә администрациа  ажәлар алхратә технологиақәа рырбара иалагоит

Алхратә администрациа зымҽхак дуу аинформациатә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны апроект ҿыц анагӡара иалагоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада.

Акомиссиа адыррала,   «аелектронтә хархәагақәа зегьирзеиҧшу рырбара» иалагоит ҧхынгәы  6 инаркны. Акампаниа хықәкыс иамоуп алхыҩцәа алхратә технологиақәа раларҵәара иазкны адырра рыҭареи абжьыҭираан арҭ ахархәагақәа рхархәара рырҵареи.

Апроект мҩаҧгахоит атәыла зехьынџьара,   64 амуниципалитетқәа рҿы.

Аиҧыларақәа мҩаҧгахоит  ҧхынгәы  6 инаркны  28-нӡа, асабшеи амҽышеи рзы, асааҭ  11:00 инаркны  18:00-наӡа″, — иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.