Алексеи Арестович ишааицҳаз, урыстәылатәи мчқәа "Азовсталь" азауад абомбақәа рыларыжьреи аштурми еиҭалагеит
Алексеи Арестович ишааицҳаз, урыстәылатәи мчқәа "Азовсталь" азауад абомбақәа рыларыжьреи аштурми еиҭалагеит

Урыстәылатәи мчқәа “Азовсталь” азауад абомбақәа рыларыжьреи аштурми еиҭалагеит, – ааицҳаит Украина ахада илфис анапхгаҩы ибжьагаҩ Алексеи Арестович.

„Аӷа “Азовсталь” араион аҿы Мариуполь ахьчаҩцәа рыҿагылара ашьаҽра аҭахуп. Азауад ахырхарҭала артиллериатә хысрақәа еиҭалашеит, ажәыларақәа еиҭалагеит”, -иҳәеит Арестович.

Украина ахада илфис анапхгаҩы ибжьагаҩ  иажәақәа рыла, ақалақь ахьчаҩцәа аҭагылазаашьа цәгьа иахәамԥшыкәа, рхатә позициақәа рыхьчоит.