Александр Анқәаб импыҵахалоу Аԥсны аԥыза-министрс дҟалоит
Александр Анқәаб импыҵахалоу Аԥсны аԥыза-министрс дҟалоит

Импыҵахалоу Аԥсны аԥыза-министрс дҟалоит ҧасатәи “ахада” Александр Анқәаб.  Абри аҳәамҭа  Аԥсны  ҿыц иалху де-факто ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵеит апресс-конференциаҿы.

Аслан Бжьаниа иӡазгәеиҭаз ала, Аҧсны агәабзиарахьчаратәи аззинтәи, акультуратәи, аспорттәи ахырхарҭақәа рҿы апроблемақәа рацәоуп.

Александр Анқәаб импыҵахалоу Аҧсны ахада иҭыҧ ааникылон 2011-2014 шш. рзы. Импыҵахалоу Аҧсны ахадарахь алхрақәа мҩаҧысит хәажәкыра 22 рзы.

Импыҵахалоу Аԥсны де-факто Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, алхрақәа рҟны абжьқәа абас еиԥш еихшахеит:

  • Аслан Бжьаниа – 53741 бжьы, 56,5%
  • Адгәыр Арӡынба – 33686 бжьы, 35,42%
  • Леонид Ӡаԥшьба – 2114 бжьы, 2,22%