Алегион "Азов" анапхгаҩы - "Азовсталь" азауад аҵакыра зегьы абомбақәа рыларыжьит,  ахыжәжәарақәа рҿы ауаа рыԥшаара ҳаҿуп
Алегион "Азов" анапхгаҩы - "Азовсталь" азауад аҵакыра зегьы абомбақәа рыларыжьит, ахыжәжәарақәа рҿы ауаа рыԥшаара ҳаҿуп

Алегион “Азов” анапхгаҩы Свиатослав Паламар иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Азовсталь” азауад аҵакыра зегьы агәыцәтә мацара акәым, ирымоу абомбақәа зегьы  рыларыжьуит.

Иажәақәа рыла, “Азовсталь” азауад аҵакыра зегьы абомбақәа рыларыжьит.

“Ҳара аморали апринципқәеи ҳамоуп, аибашьра азакәанқәеи аҵасқәеи еилаҳгом. Адунеи ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, ак аҟаҵара зылшо зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, ахәрақәа зауз аевакуациа рзырутәуп, аҭахаз рыԥсыбаҩцәа рҭаацәарақәа рахь ииагатәуп, анышә иаҭатәуп. Макьана акгьы ҟаҵам, аҭагылазаашьа зеиԥшроу цқьа ҳаздырӡом, аха “Азовсталь” азауад аҵакыра зегьы абомбақәа рыларыжьит. Уа, ахыжәжәарақәа рҿы ауаа иҟоуп, рыԥшаара ҳаҿуп”, – иҳәеит Свиатослав Паламар “Арадио хақәиҭра” украинатәи абиуро аинтервиу аҿы.