Алегендартә ахәмарҩцәа рматч Актәи аканалаҿ - „Интер“ Қырҭтәыла иаҭааит иҕәҕәаӡоу аилазаара ала  #1TVSPORT
Алегендартә ахәмарҩцәа рматч Актәи аканалаҿ - „Интер“ Қырҭтәыла иаҭааит иҕәҕәаӡоу аилазаара ала  #1TVSPORT

Хәажәкыра 7 рзы Қырҭтәыла амилаҭтә аизгеи милантәи  „Интери“ аветеранцәа еиҧылоит.

Қырҭтәыла аизгаҿ ихәмаруеит:

Шоҭеи Ачии Арвелаӡеаа, Ҭемур Қецбаиа, Гьаргь Қинқлаӡе,   Леван Қобиашвили,  Каха Калаӡе,   Каха Цхадаӡе,  Алеқсандр Иашвили,  Гьаргь Деметраӡе,  Леван Мҷедлиӡе,  Зураб Хизанишвили,  Малхаз Асаҭиани, уҳәа убас егьырҭгьы.

„Интер“  иҕәҕәаӡоу аилазаарала иаҳҭааит. Ишдыру еиҧш, ақырҭуа ашьапылампыласҩцәа ирацлабуеит адунеи алегендартә ахәмарҩцәа:

Луиш Фигу, Себастиан Фреи, Естебан Камбиасо,  Хавиер Ӡанетти, Марко Матераци, Лусио Франческо Колонезе, Фабио Каланте уҳәа убас егьырҭгьы.

Аматч иалагаанӡа Қырҭтәыла амилаҭтә аизга аветеранцәеи  „Интер“ алегендартә ахәмарҩцәеи   „Баҭым аренаҿ“ апрессконференциа мҩаҧыргоит.

Қырҭтәыла Актәи аканали Қырҭтәыла арадиои хәажәкыра 7 асааҭ  19:00 инаркны,   „Баҭым арена“ аҟынтәи ишиашо арепортаж шәыдаргалоит.