Актәи аканал аҽалархәрала иаҧҵаз афильм  «Браитон 4» даҽа қәҿиарак аиуит  – Леван Когуашвили иреиҕьу арежиссиортә усумҭазы аҧхьахә ианаршьеит
Актәи аканал аҽалархәрала иаҧҵаз афильм  «Браитон 4» даҽа қәҿиарак аиуит  – Леван Когуашвили иреиҕьу арежиссиортә усумҭазы аҧхьахә ианаршьеит

 

Ҧхынҷкәын 18 рзы, Казахстан аҳҭнықалақь Алматы имҩаҧысит   XVI-тәи жәларбжьаратәи акинофестиваль  «Евразиа» аркра ацеремониа.  Актәи аканал аҽалархәрала иаҧҵаз афильм  «Браитон 4» ари афестиваль аҿы даҽа қәҿиарак аиуит.  Леван Когуашвили иреиҕьу арежиссиортә усумҭазы аҧхьахә анаршьеит.

Мчыбжьыкала ахәаҧшцәа ирбеит 25 ҳәынҭқаррақәа ицәырыргаз  50 афильмқәа.

Афильм  «Браитон 4» иҭыхын 4 ҳәынҭқаррак русеицура ала, апродиуссерцәа иреиун Қырҭтәыла Актәи аканалгьы. Анагӡаратә продиуссерцәан  Армен Зулоиани, Ҭинаҭин Берӡенишвилии,  Русудан Манџьҕалаӡеи.  «Браитон 4» аиҳара Ниу-Иорк иҭыхын,  Амилаҭтә киноцентр адгыларала. Ари аусумҭа имаҷымкәа  аҧхьахәқәа аиухьеит.