Акоронавирус ҿызкааз хҩык ахәыҷқәа Цицишьвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат иаҿакуп
Акоронавирус ҿызкааз хҩык ахәыҷқәа Цицишьвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат иаҿакуп

 

Аиммунизациа азҵаарқәа рзы атехникатә абжьагаҩцәа рмилаҭтә гәыҧ анапхгаҩы,  апрофессор Иуане  Чхаиӡе ишиҳәаз ала,  ахәыҷқәа рыгәҭа  акоронавирус «индиатәи аштамм» авирус егьырҭ авариантқәа раасҭа  иаҳа аларҵәара амоуп.

Иара иажәақәа рыла, шықәсык зхымҵыц хҩык асабицәа Цицишьвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат иаҿакуп.

«Акоронавирус индиатәи авариант зегьы раасҭа шәарҭоуп ахәыҷқәеи аҿари рзы. Ахәыҷқәа рыгәҭа абри авариант иаҳа иуҧылоит. Уи даараӡа ишәарҭоуп.  Шықәсык зхымҵыц хҩык асабицәа Цицишьвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат иаҿакуп, рҭагылазаашьа цәгьоуп.  Акоронавирус аҩбатәи ацәқәырҧа аан абас ихьанҭаз апациентцәа иҟамызт», — иҳәеит Иуане Чхаиӡе.

Иара иажәақәа рыла, ахәыҷы ачымазара лаҽ имоу имаму зегьы дара роуп, уи  «дельта-штамм» азы анырра амам.