Акороанвирус афакт ҿыцқәа рҟынтә  1282 Қарҭ аарҧшуп, 489 - Имереҭи,  228 – Аҷара
Акороанвирус афакт ҿыцқәа рҟынтә  1282 Қарҭ аарҧшуп, 489 - Имереҭи,  228 – Аҷара

Акороанвирус афакт ҿыцқәа рҟынтә  1282 Қарҭ аарҧшуп, 489 – Имереҭи,  228 – Аҷара. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.

Иара иажәақәа рыла, аинтенсивтә тестирра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла  17029 атестқәа ҟаҵан.

Иахьа иаарҧшыз 2981 фактқәа рҟынтә  1282 Қарҭ аарҧшуп,  Аҷара — 228,  Имереҭи  — 489,  Қвемо Қарҭли  — 229,  Шида Қарҭли  — 160,  Гуриа  — 64,  Гыртәыла – Хыхьтәи Шәантәыла  — 227,  Кахеҭи  — 145,  Мцхеҭа-Мҭианеҭи  — 87, Самцхе-Джавахеҭи  — 55, Раҷа Лечхумии  Ҵаҟатәи Шәантәылеи  -15.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы атәылаҿы  30 107 активтә фактқәа иҟоуп.