Аконкуренциазы агентра афармацевтикатә џьармыкьаҿ ԥшь аилахәырак рганахьала аусԥшаара алагеит
Аконкуренциазы агентра афармацевтикатә џьармыкьаҿ ԥшь аилахәырак рганахьала аусԥшаара алагеит

Аконкуренциазы агентра афармацевтикатә џьармыкьаҿ ԥшь аилахәырак рганахьала аусԥшаара алагеит. Ари атәы аанацҳаит Аконкуренциазы амилаҭтәа гентра.

Агентра аинформациа ала, пҵыхәтәантәи аамҭазы ачымазара лаҽқәеи аонкологиатә чымазарақәеи рмедикаментқәа римпортиорцәеи ареализатор аилахәырақәеи ахәқәа даара шьҭырхит.

Аилахәырақәа апроцесс аҿы рхатә позициа аарԥшра ирылшахоит.

2022 шықәсазы афармацевтикатә џьармыкьаҿ имҩаԥгаз амониторинг аан агентра аилахәырақәа 13 рекомендациа рнаҭеит. Арҭ арекомендациақәа рынагӡара апроцесс нагӡоит, инагӡан бжьрекомендациак. Иара убас, Ҭырқәтәылантә амедикаментқәа раагара, уи абзоурала, иахьазы 200 раҟара ахәшәқәа 60-70 %-ла рыхә мариахеит, инеизакны иуҳәозар, афармацевтикатә џьармыкьаҿы аҭагылазаашьа аҽаҧсахит.

Иахьазы Аконкуренциазы агентра афармацевтикатә џьармыкьаҿ ԥшь аилахәырак рганахьала аусԥшаара мҩаԥнагоит.