Аконкуренциазы агентра афармацевтикатә ԥшьеилахәырак 53 миллион ахараԥса рықәнаҵеит
Қырҭтәыла Аконкуренциазы агентра аконкуренциа аҿагылратә ауранагӡара амшала, афармацевтикатә ԥшьеилахәырак 53 миллион ахараԥса рықәнаҵеит, – аарыцҳаит агентра аҟынтә.
Агентра аинформациала, аонкологиатә медикаментқәа ирызку аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны “Аконкуренциа иазку” Қырҭтәыла азакән 7-тәи ахәҭаҷ еилаган.
Агентра аҟынтә ишаарыцҳаз, агентраҿ ирыдыркылаз аӡбарала 53 миллион лари ахараԥса рыққәҵан абарҭ аилахәырақәа – “Аверси” (14 402 425 лари); „Гефа“ (20 349 336 лари); „РСР“ (17 094 872 лари); „Мермиси“ (951 301 лари).