Аконгрессмен Стив Коен - Асенат «MEGOBARI акт» ахьыднамкылаз сгәы иалсит, хаҿык мацара уи аҿагылара илшеит, ари ишыҟалаз иџьоушьаратәы иҟоуп
Асенат «MEGOBARI акт» ахьыднамкылаз сгәы иалсит, уадаҩрақәак иҟан, уи баӷәазак иамадоу абизнес ду иадҳәалазар ҟалап, – Хельсинктәи акомиссиаҿ иҳәеит адемкорат конгрессмен Стив Коен.
Иажәақәа рыла, хаҿык мацара «MEGOBARI акт» аҿагылара илшеит, ари ишыҟалаз иџьоушьаратәы иҟоуп.
«Ақырҭуа гәахәтәы» аԥхыӡ бааԥсыс аҽеиҭанакит. Сара ателехәаԥшрала избоит есыҽны зықьҩыла ауаа амҩадуқәа рҿы аҿагыларатә акциақәа шымҩаԥырго. Уи ала иубарҭоуп адемократиа шаҟа аҵанакуа. Қырҭтәыла ҵакырадгьылқәак Урыстәыла ампыҵахалара аҵаҟа иҟоуп, алшара аиоур, ари даҽазныкгьы ҟанаҵоит. Уажәы адгылаҩс Иванишвили рызцәырҵит. Атәыла агәҭаҟынтә ампыҵахалара иаҳа имариоуп.
Асенат «MEGOBARI акт» ахьыднамкылаз сгәы иалсит, уадаҩрақәак иҟан, уи баӷәазак аргылара иамадоу абизнес ду иадҳәалазар ҟалап. Ари ишыҟалаз иџьоушьаратәы иҟоуп», – иҳәеит Коен.