Аклиникақәа рҿы аҭыҧқәа ахьыҟам азын, Чехиа Германтәылеи Швеицариеи Польшеи ирыҳәоит чехиатәи апациентцәа рыдыркыларц
Аклиникақәа рҿы аҭыҧқәа ахьыҟам азын, Чехиа Германтәылеи Швеицариеи Польшеи ирыҳәоит чехиатәи апациентцәа рыдыркыларц
Чехиатәи ареспублика егьырҭ атәылақәа ирыҳәоит ахатә ковид-пациентцәа рыдыркыларц. Чехиа Агәабзиарахьчара аминистрра аофициалтә саит ишану ала, аклиникақәа рҿы аҭыҧқәа рыҟамзаара амшала, атәыла аиҳабыра Германтәылеи, Швеицариеи, Польшеи ирыҳәоит чехиатәи аковид-пациентцәа рыдыркыларц. Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа «Гардиан».
«Регионқәак рхәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧқәа иҟаӡам, дара уаҳа апациентцәа зрыдыркылом», — ирҳәеит Чехиа Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.
Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, атәыла ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп акоронавирус ала ичмазаҩу 8 153ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 1735ҩык ареанимациатә аҟәшақәа рҿы ишьҭоуп.
Хәажәкыра 1 инаркны Чехиа ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи иаркуп. Афатәаалыҵ адәқьанқәа рыда, егьырҭ ахәаахәҭратә обиектқәа зегьы русура аанкылоуп.