Аҟазацәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит
Аҟазацәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит

Аҟазацәа, Қарҭ, Амилаҭтә архив аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит. Адемонстрациа алахәылацәа Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәарақәа рҿаԥхьагьы еизеит.

Аҟазацәа Қырҭтәыла адемократиа аҿиара аԥырхагахаразы аиҳабыра алахәылацәеи, азакәанхьчаратә усҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи, хаҭалатәи ахаҿқәеи рганахьала асанкциақәа ралагалара идҵаны иқәдыргылоит. Иара убас акциа алахәылацәа алхрақәа реиҭамҩаԥгареи акциақәа раан иаанкылаз ауааԥсыра рхақәиҭтәреи идҵаны иқәдыргылоит.