"Аџьамиграциа иазку" азакәан аԥсахрақәа алалеит
"Аџьамиграциа иазку" азакәан аԥсахрақәа алалеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, “Аџьамиграциа иазку” азакәан аԥсахрақәа алалеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аԥсахрақәа хықәкыс ирымоуп аҳәанырцәа аусурҭа аԥшаара зҭаху Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчара, иара убас Қырҭтәыла аус зуа атәым тәылауаа рзинқәа рыхьчареи асистематикатә ашәҟәы рҭагалара.

Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала, азакәанԥҵара ҿыц инақәыршәаны, Қырҭтәыла атәылауаа аҳәаанырцәа аусурҭала аиқәыршәараҿ ирыцхраауа абжьаҟазаратә аилахәырақәа, иашьашәалоу асертификатқәа аадырԥшыроуп, иара убас иаԥҵахоит аелектронтә система ҷыда.