"Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку" азакәан аҧсахрақәа аларгалоит
“Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку” азакәан аҧсахрақәа аларгалоит, урҭ инрықәыршәаны, аизара ма аманифестациа ауаа ахьеиҭаҵуа аҭыҧаҿ имҩаҧысуазар, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра заанаҵы адырра аҭатәуп.
Абиуро иахьатәи аилатәараҿы ицәыргаз аҧсахрақәа рыла, амашьынамҩа аркра ақәиҭымтәра инаваргыланы, ашьапыламҩагьы аркра ҟалом, уи азыҳәан аизара ма аманифестациа алахәылацәа рхыҧхьаӡара маҷзар.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Апатрультә департамент аизара ма аманифестациа амҩаҧгара иазкны адырра аҭатәуп аизара ма аманифестациа цыҧхьаӡа амҩаҧгаранӡа хәымш еиҵамкәа ишагу.
Апроект ишану ала, аизара ма аманифестациа алахәылацәа амашьынамҩа ма ашьапыламҩа хәҭала ма инагӡаны иадыркыр, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атранспорт ма ауаа реиҭаҵра аиҭашьақәыргылара иазкны аӡбара адкылара алшоит, аизара ма аманифестациа алахәылацәа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны уи ҽакала амҩаҧгара ҟалозар.
«Аизара ма аманифестациа алахәылацәа амашьынамҩа ма ашьапыламҩа хәҭала ма инагӡаны иадыркыр, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа аизара ма аманифестациа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи агәҽанҵара рыҭара рылшоит дара иадыркыз амҩа 15 минуҭ ирылагӡаны иаадмыртыр, аизара ма аманифестациа закәаным ҳәа ишыҧхьаӡахо азы, иара убас, азинхьчаҩцәа жәларбжьаратәи зини азакәани рыла иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара рылшоит», — иануп апроект аҿы.