Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, "Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку" азакәан атәыла ахада  илыздықәырҵом, азакәан амч аиуеит атәыла ахада лнаҵаҩрада
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, "Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку" азакәан атәыла ахада  илыздықәырҵом, азакәан амч аиуеит атәыла ахада лнаҵаҩрада

«”Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку” азакәан атәыла ахада  илыздықәаҳҵом, азакәан амч аиуеит атәыла ахада лнаҵаҩрада», —  иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе  ателееилахәыра  «Имеди» аефираҿ.

«Ҳара азакәан иалагалоу аҧсахра анапаҵаҩразы атәыла ахада илыздәықәаҳҵом, избанзар, апарламент ари азакәан аднакылеит  Қырҭтәыла Аконституциа  45-46 ахәҭаҷқәа рышьаҭала акәымкәа,  36 ахәҭаҷ ашьаҭала. Убри аҟынтә, азакәан зыҧшра ҟамҵакәа амч аиуеит, атәыла ахада лнапаҵаҩрада», — иҳәеит  Кобахиӡе.

Иацы апарламент “Аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку” азакәанпроект иадгылеит.