Аихқәа рхаҭарнакцәа апарламент аԥхьа акциа мҩаԥыргоит
Аихқәа рхаҭарнакцәа апарламент аԥхьа акциа мҩаԥыргоит

Аихқәа рхаҭарнакцәа акьыԥхь “Баҭумедеби” ашьаҭаркҩы Мзиа Амаӷлобели лыдгыларазы апарламент аԥхьа акциа мҩаԥыргоит, урҭ Амаӷлобели зыԥшра ҟамҵакәа лхақәиҭтәра идҵаны иқәдыргылоит.

Апротест алахәылацәа ражәақәа рыла, лаанкылара, аҭакраҿ лааныжьра иазкыз аӡбамҭа изакәа́ндароуп, лымлашьра лыԥсҭазаара ашәарҭа ҭаднаргылоит. 

Иара убас, акциа алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” имҩаԥнаго азакәанԥҵаратә ԥсахрақәа адкылашьа рымам.

Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп азакәанхьчаратә усҳәарҭа ахаҭарнакцәа.