АИХқәа рҿы аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны,  аб Шио Муџьири ашҳам ирҭеит  

Ақырҭуа АИХқәак рҿы аларҵәара зауз аинформациала, Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама аепископ, Сенакии Ҷхороҵҟуи амитрополит Шио Муџьири ашҳам ирҭеит.

Аинформациа ишану ала, аб Шио даныцәгьаха изыҟарҵаз анализқәа рҿы игәҩароу маҭәашьарқәак аадырҧшит.

Апатриархиа ари азҵааразы аофициалтә аҳәамҭа макьана иҟанамҵацт.