Аихқәа рдыррақәа рыла, Ҟрымтәи ацҳаҿ аҭыԥ змаз аинцидент иахҟьаны ҩыџьа ҭахеит
Аихқәа рдыррақәа рыла, Ҟрымтәи ацҳаҿ аҭыԥ змаз аинцидент иахҟьаны ҩыџьа ҭахеит

Ҟрымтәи ацҳаҿ аҭыԥ змаз “аинцидент ҷыда” иахҟьаны ҩыџьа ҭахеит, аӡәы ахәышәтәырҭахь дангоуп. Ари атәы аанацҳаит  аурыс бызшәала аус зуа ВВС амаҵзура урыстәылатәи аинформацитә хархәагақәа рҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Урыстәыла Атранспорт аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи ацҳаҿ амҩа ԥхасҭахеит, аха ари амзызс иамаз рыздырӡом.

Урыстәыла иадгыло Ҟрым анапхгаҩы Сергеи Аксенов ари ахҭыс “аинцидент ҷыда” ауп ҳәа ааицҳаит. Аксенов иажәақәа рыла, Ҟрымтәи ацҳаҿ аҭагылазаашьа ҷыда амзызла анеиааира аанкылоуп, аҭыԥ аҿы аус руеит азакәанхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи ацҳа хәҭак иҭабгеит.