АИХқәа ишаарыцҳаз, Украина урыстәылатәи аракетатә жәыларақәа ирыхҟьаны, иҭахеит бжьҩык аҭынч тәылауаа
Аихқәа ишаарыцҳаз, Украинаҿ урыстәылатәи аракетатә жәыларақәа ирыхҟьаны, иҭахеит бжьҩык аҭынч тәылауаа.
Украинатәи аихқәа Украина армиа аштаб хада аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны ишаарыцҳаз, Урыстәыла ажәыларақәа мҩаԥнагоит Лимани, Бахмути, Авдеевкеи, Маринкеи, Шахтиорски рхырхарҭла, уа ақәԥара цәгьақәа мҩаԥысуеит.
Запорожиеи Херсони рхырхарҭала урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа атәылахьчаратә позициақәа рымоуп, аиланхарҭақәа абомбақәа рыларыжьуеит.
Украина арбџьармчқәа реиҳабы Валери Залужныи ишааицҳаз, Бахмут ахырхарҭала аҭагылазаашьа иҭышәынтәалахоит.