Аихқәа ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахаҿ арратә базаҿ амца иахҟьаны, 2000-ҩык аевакуациа рзыруеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахаҿ арратә базаҿ амца иахҟьаны, 2000-ҩык аевакуациа рзыруеит

Қрымтәи адгьылбжьахаҿ, Кировсктәи араион аҟынтә ауаа аевакуациа рзыруеит. Аанацҳаит “Роитер”.

“Қрымтәи адгьылбжьахаҿ, Кировсктәи араион аҟны иҟоу арратә базаҿ амца иахҟьаны, 2000-ҩык аевакуациа рзыруеит”, – ааицҳаит Ҟрым де-факто анапхгаҩы Сергеи Аксенов.

Абылра амзызқәа идырым. Урыстәылатәи “Телеграмм” аканалқәа рҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Украина аҳауатә жәылара ашьҭахь, арратә базаҿ абылтәы былуеит.