Ҟрым иакымкәа аҧжәарақәа ҟалеит
Ҟрым иакымкәа аҧжәарақәа ҟалеит

Лаҵара 16 рзы Ҟрым иакымкәа аҧжәарақәа ҟалеит.

Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа арратә обиектқәа рзы ажәылара мҩаҧган.

Асааҭ 06:15 рзы  Севастополь аҧжәара ҕәҕәа ҟалеит.

Иара убас, аҧжәарақәа ҟалеит Бельбеки Качеи аеродромқәа рҿгьы.

Убри адагьы, аҧжәарақәа ҟалеит  Перевальни аҿгьы, уаҟа Урыстәыла Амшынеиқәатәи афлот 126-тәи аҟәарахьчаратә  бригада гылоуп. Иҟоу адыррақәа рыла,  Перевальни иҟоу аџьаҧҳаны ашьҭаҵарҭа абылреи атҟәацреи иаҿуп.