Аихқәа ишаарыцҳаз, Ашьхатә Ҟарабах аҿы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рырратә хәҭақәа реидыслара аԥсыҭбара ацуп
Аихқәа ишаарыцҳаз, Ашьхатә Ҟарабах аҿы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рырратә хәҭақәа реидыслара аԥсыҭбара ацуп

Аихқәа ишаарыцҳаз, Ашьхатә Ҟарабах аҿы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рырратә хәҭақәа реидыслара аԥсыҭбара ацуп.

Иҟоу адыррақәа рыла, бџьаршьҭыхлатәи аидыслара Лачин ахырхарҭала мҩаԥысуеит. Азербиџьан Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны индырҵәеит Шәамахьтәылатәи арратә гәыԥқәа рартиллериатә дивизиони аимадаратә пунктки.

Азербаиџьантәи аихқәа рдыррақәа рыла, нанҳәа 3 ашьыжь шаанӡа шәамахьтәылатәи арратә хәҭақәа рылахәылацәа Урыстәыла аҭынчрачаԥаратә контингент ахьгылоу Азербаиџьан аҵакырадгьыл абомбақәа рыларыжьит, дҭахеит азербаиџьантәи аруаҩык.

Шәамахьтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, нанҳәа 3 рзы Азербаиџьан арратә хәҭақәа рхаҭарнакцәа ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра еиларган, Ҟарабах апилот дызмам аԥырратә аппаратқәа рыла абомбақәа аларыжьит. Дҭахеит аруаҩык, бжьҩык ахәрақәа роуит.