Шәамахьтәыла аиҳабыра  - Ҟарабах  иқәҵхьеит шәнызқьҩык раҟара
Шәамахьтәыла аиҳабыра  - Ҟарабах  иқәҵхьеит шәнызқьҩык раҟара

Цәыббра 30  рзы иҟоу адыррақәа рыла, Ҟарабах иқәҵхьеит шәнызқьҩык раҟара. Ари атәы аалыцҳаит  Шәамахьтәыла аҧыза-министр ипресс-маӡаныҟәгаҩ Назели Багдасариан.

Уаанӡа Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан ишиҳәаз ала,    аҭыҧантәи ауааҧсыра ари аҵакырадгьыл иалҵуеит Азербаиџьан имҩаҧнаго аетникатә рыцқьара амшала.

Убри аамышьҭахь,  Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа ари ахарадҵара мап ацәыркын,  ашәамахьцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит Ҟарабах иалымҵырц.