Ҟарабах «Антитеррористтә операциа» аанкылоуп
Ҟарабах «Антитеррористтә операциа» аанкылоуп

Азербаиџьан анапхгара  Ҟарабахтәи арегионаҿ  «антитеррористтә операциа» ааныркылеит.

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, шәамахьтәылатәи арратә хәҭақәа Азербаиџьан аҵакырадгьыл иалҵуеит, азакәандаратә ашәамахьтә арратә гәыҧқәа абџьаршьаҭаҵареи атехника хьанҭа  аҭареи иаҿуп.

Бақәа ишырҳәаз ала, арҭ апроцессқәа  мҩаҧысуеит урыстәылатәи аҭынчратә контингент рҟны акоординациала.

Иара убас, аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны,  Евлах имҩаҧысуеит  Ҟарабах иқәынхо ашәамахьаа рҟны аиҧылара.