Аихқәа ишаарыцҳаз, Ҭырқәҭәыла ахада иҭыԥ ахы ԥасатәи акандидат Синан Оӷан алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы Ердоӷан дидгылоит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Ҭырқәҭәыла ахада иҭыԥ ахы ԥасатәи акандидат Синан Оӷан алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы Ердоӷан дидгылоит

Ҭырқәҭәыла ахада иҭыԥ ахы ԥасатәи акандидат Синан Оӷан алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы Ердоӷан дидгылоит, – аарыцҳаит ҭырқәтәылатәи аихқәа.

Аихқәа рдыррақәа рыла, Синан Оӷан хәпунктк рыла ишьақәгылоу апротокол инапы аҵаҩны, Ердоӷан дидгылар ҟалап.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Синан Оӷан идгылара ацынхәрас, Ҭырқәтәыла ахада аконституциа актәи ԥшьпунктк имԥсахыр, аконституциантә аҭырқәа индентра агәылхра аҿагылареи, атерроризм ақәԥареи, ахыҵәахырҭа аԥшааҩцәа рдепортациа амҩаԥгареи диҳәеит.