АИХ-қәа - Аурыс ампыҵахалаҩцәа Херсон, "ареферендуми" ампыҵахалеи ирҿагыланы имҩаԥысуаз акциа еимдырппит
АИХ-қәа - Аурыс ампыҵахалаҩцәа Херсон, "ареферендуми" ампыҵахалеи ирҿагыланы имҩаԥысуаз акциа еимдырппит

 

Херсон “ареферендуми” Урыстәыла ампыҵахалареи ирҿагыланы акциа мҩаԥган.

Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Аихқәа ишаарыцҳаз, аурыс ампыҵахалаҩцәа аҭынчратә акциа еимдырппит алаӷырӡаагага агази арлаага гранатақәеи рыла. Иҟоу адыррақәа рыла, акциа алахәылацәақәак аанкылоуп, аахақәа заузгьы иҟоуп.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Иреиҳаӡоу Рада акомиссар Лиудмила Денисова ишаалыцҳаз, лаҵара 1 инаркны 10-нӡа аурысцәа Херсон ареферендум мҩаԥыргоит.