Аихқәа - Ашьха Ҟарабах абылтәы ашьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иазҳаит 170-ҩык рҟынӡа
Аихқәа - Ашьха Ҟарабах абылтәы ашьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иазҳаит 170-ҩык рҟынӡа

Аихқәа – Ашьх Ҟарабах абылтәы ашьҭаҵарҭаҿ иҟалаз аҧжәараан иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара азҳаит 170-ҩык рҟынӡа, – аанацҳаит “Арменпресс”.

Акьыԥхь аинформациала, аҭыҧантәи ауааҧсыра, арегион алҵра рылшарц азыҳәан, абылтәы рзыршон, убри аҟынтә, ари аҭыҧаҿ ауаа рацәа еизеит.   Аҧжәара зыхҟьаз макьана еилкаам.

Аиқәырхҩцәа уажәгьы аԥшааратә усурақәа нарыгӡоит.

„Иԥшаауп 170-ҩык рыԥсыбаҩқәа, урҭ аекспертиза абиуро ахь инагоуп“, – иазгәарҭеит аҭыԥантәи полициа аҟәшаҿы.

Аԥсыбаҩқәа аидентификациазы Шәамахьтәылахь иргоит.