АИХ адыррақәа рыла, Украина Аҳәынҭқарратә аҳәаахьчаратә маҵзура Саакашвили Украинантә иалҵра афакт азы аусеилыргара иалагеит
АИХ адыррақәа рыла, Украина Аҳәынҭқарратә аҳәаахьчаратә маҵзура Саакашвили Украинантә иалҵра афакт азы аусеилыргара иалагеит

АИХ адыррақәа рыла, Украина Аҳәынҭқарратә аҳәаахьчаратә маҵзура Саакашвили Украинантә иалҵра афакт азы аусеилыргара иалагеит.

«Жьҭаара 1 азы Қырҭтәыла даанкылан атәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили. Иара х-хәҭаҷк рыла иус рыӡбахьан, иара убас, аус хацыркуп Қырҭтәыла аҳәаа закәандарала ахысразы», — иҩит  Цензор.НЕТ. аредактор Иури Бутусив.

Иара иажәақәа рыла,  Украина Аҳәынҭқарратә аҳәаахьчаратә маҵзура Саакашвили Украинантә иалҵра афакт азы аусеилыргара иалагеит,  избанзар,  аҳәаатә базаҿы Саакашвили атәыла дшалҵыз иарбам. Цензор.НЕТ адыррақәа рыла, аусеилыргара ахьынӡамҩаҧысуа,  Аҳәынҭқарратә аҳәаахьчаратә маҵзура Одессатәи аусбарҭа аиҳабы аусура дамхуп. Украина,  Қырҭтәылазы аофициалтә аилыркаарақәа ҟанаҵар акәхоит Саакашвили,  украинатәи аҳәаахьчаҩцәа дгәарымҭаӡакәа Украина аҳәаа ахысра злаилшаз иазкны.